Шьалуа Папуашвили – Прага аҭыԥ змаз арыцҳара даараӡа ҳгәы ҳнархьеит, гәык-ԥсык ала ҳрыдашшылоит иҭахаз рҭаацәарақәа

12:31, 22.12.2023

Прага аҭыԥ змаз арыцҳара даараӡа ҳгәы ҳнархьеит, –ааицҳаит апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

Шьалуа Папуашвил иҭахаз рҭаацәарақәа дрыдашшылеит.

„Прага аҭыԥ змаз арыцҳара даараӡа ҳгәы ҳнархьеит. Гәык-ԥсык ала срыдашшылоит Маркета Петрова-Адамова, Милош Вистрчил, Чехиа ауааԥсыреи иҭахаз рҭаацәарақәеи“, – иҩит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы.

Иацы, Чехиа аҳҭнықалақь Прага, университетк аҿы ахысра, иҭахеит 15-ҩык, ахәрақәа роуит 25-ҩык. Ахысра Иан Палах ишҭаҿ иҟоу Карл иуниверситет аҿы ҟалеит.

Еиԥшу