Шьалуа Папуашвили иҽалархәрала Бриуссель имҩаҧысуеит НАТО-Қырҭтәыла акомиссиа аилатәара
Шьалуа Папуашвили иҽалархәрала Бриуссель имҩаҧысуеит НАТО-Қырҭтәыла акомиссиа аилатәара

Иахьа Бриуссель,  НАТО аштаб-уадаҿ имҩаҧысуеит  НАТО-Қырҭтәыла акомиссиа аилатәара. Аилатәара алахәылацәа рҿаҧьа дықәгылоит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

Аофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла апарламенттә делегациа НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭыҧуаҩ иҧылоит.

Апарламент ахантәаҩы ишиҳәаз ала, акомиссиа аилатәараҿы Қырҭтәыла аинтеграциеи, Қырҭтәылеи арегиони рҿы ашәарҭадара аганахьала иҟоу аҭагылазаашьеи иалацәажәоит.

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы анапхгара ззиуа ақырҭуа делегациа иалоуп  адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа рзы акомитет ахантәаҩы Николоз Самхараӡеи, атәылахьчареи ашәарҭадареи азҵаарақәа рзы акомитет ахантәаҩы Иракли Бераиеи.