Шьалуа Папуашвили  - Ҳара аукраин жәлар ҳрыдгылоит, агуманитартә ганахьала Украина ацхраара ҳазыхиоуп
Шьалуа Папуашвили  - Ҳара аукраин жәлар ҳрыдгылоит, агуманитартә ганахьала Украина ацхраара ҳазыхиоуп

Ҳара жәларбжьаратәи уаажәларра рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит аибашьра аанкыларазы рнапаҿы иҟоу ахархәагақәа зегьы рхы иадырхәарц, — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

Папуашвили иҳәамҭала, ақырҭуа аган агуманитартә ганахьала Украина ацхраара иазыхиоуп.

«Рыцҳара иҟалаз, аибашьра ҳзацәымцеит. Уажәазы аибашьра аанкылароуп зегьы реиҳа ихадоу. Убри аҟынтә,    жәларбжьаратәи уаажәларра рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит аибашьра аанкыларазы рнапаҿы иҟоу ахархәагақәа зегьы рхы иадырхәарц. Ҳәарада, ҳара аукраин жәлар ҳрыдгылоит. Агуманитартә ганахьала Украина ацхраара ҳазыхиоуп», — иҳәеит  Папуашвили.