Шьалуа Папуашвили –  Абҵара 8 Илиа Ҷавҷаваӡе имшироуп, насгьы, иахьа Қырҭтәыла Еврокомиссиантә иазыҧшуп атәыла европатәи аҧеиҧш иазку аҳасабырба, абарҭ ахҭысқәа машәырла акәӡам ишеиқәшәаз
Шьалуа Папуашвили –  Абҵара 8 Илиа Ҷавҷаваӡе имшироуп, насгьы, иахьа Қырҭтәыла Еврокомиссиантә иазыҧшуп атәыла европатәи аҧеиҧш иазку аҳасабырба, абарҭ ахҭысқәа машәырла акәӡам ишеиқәшәаз

Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп ақырҭуаа ревропатәи хықәкқәа иалкаау ахьчаҩ, ари аидеиа анагӡаҩ Илиа дуӡӡа имшира аҽны ҳаҧсадгьыл иахәҭоу аҭак шаиуа, – иҩит  Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили асоциалтә аҳаҿы.

Шьалуа Папуашвили ишазгәеиҭаз ала,  Илиа Ҷавчаваӡе Қырҭтәыла егьырҭ европатәи амилаҭқәа рыгәҭа ибар иҭахын, иахьа игәахәтәы нагӡахоит.

„1837 шықәса абҵара  8 рзы диит ҳаамҭазтәи Қырҭтәыла ҳәаақәызҵаз, аҧсы ҭазҵаз Илиа Ҷавҷаваӡе.  Насгьы, иахьа Қырҭтәыла Еврокомиссиантә иазыҧшуп атәыла европатәи аҧеиҧш иазку аҳасабырба, абарҭ ахҭысқәа машәырла акәӡам ишеиқәшәаз.

Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп ақырҭуаа ревропатәи хықәкқәа иалкаау ахьчаҩ, ари аидеиа анагӡаҩ Илиа дуӡӡа имшира аҽны ҳаҧсадгьыл иахәҭоу аҭак шаиуа; ҳтәыла ари астатус ахәҭоуп европатәи ацивилизациа аҧҵара иалахәыз,  ибеиаӡоу атрадициақәеи акультуреи змоу, Европеи Азиеи рымҩахысырҭаҿ ишьҭоу афеномен ҷыдеи, насгьы, раҧхьа иргыланы, ауаҩы иаҳаҭыр иреиҳаӡоу аҩаӡарашҟа ахьышьҭыху атәыла ҳасабала.

Ҳҳәынҭқаррара аиҭаргылара Илиеи ихаан иҟаз ауаа дуқәеи ирыбзоуроуп, аха, Илиа ари апроцессаҿ хәы змам алагала ҟаиҵеит. Илиа ҳмилаҭтә ҷыдарақәеи ҳаҧсадгьыл ахақәиҭреи ахьчара зхы ақәызҵаз ҳџьынџьуаа драҧхьагылаҩуп, иара амилаҭ ирцәыӡхьаз аҧсадгьыл рызирхынҳәит.

Иахьа Илиаоба аҵакы ҷыда амоуп, избанзар, Илиа Ҷавчаваӡе Қырҭтәыла егьырҭ европатәи амилаҭқәа рыгәҭа ибар иҭахын, иахьа игәахәтәы нагӡахоит. Ҳара Европа ҳҭахуп, Европагьы Қырҭтәыла аҭахуп!“ – иҩит Шьалуа Папуашвили.