Сергеи Шамба ишьақәирҕәҕәеит Урыстәыла цәыббра 1 инаркны импыҵахалоу Аҧсны асоциалтә финансыркра шааннакылаз
Сергеи Шамба ишьақәирҕәҕәеит Урыстәыла цәыббра 1 инаркны импыҵахалоу Аҧсны асоциалтә финансыркра шааннакылаз

Импыҵахалоу Аҧсны де-факто адәныҟатәи аусқәа рминистр  Сергеи Шамба ишьақәирҕәҕәеит Урыстәыла цәыббра 1 инаркны импыҵахалоу Аҧсны асоциалтә финансыркра шааннакылаз. Уи мзызны иаарыцҳаит аҧсуа аган рыла аҧхықәрақәак рынамгӡара.

Шамба иажәақәа рыла,  Москва изныкымкәа ирҳәахьеит аҧсуа аган рхы иадырҵаз аҧхықәрақәа нарымгӡар,  уи санкциақәак ишахылҵуа.

«Цәыббра 1 инаркны асанкциақәа рынагӡара иалагеит. Ишыжәдыруа еиҧш,  асоциалтә  цхыраара ааныркылеит,  уи аҳақьымцәеи,  арҵаҩцәеи,  амчтә структурақәеи,  егьырҭ астуктурақәеи иркьысоит», – иҳәеит  Шамба.