Сергеи Лавров – Урыстәыла  Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи рҟны аизыҟазаашьақәа рҭыҧқәҵараҿы  Қырҭтәыла аацхраара иазыхиоуп
Сергеи Лавров – Урыстәыла  Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи рҟны аизыҟазаашьақәа рҭыҧқәҵараҿы  Қырҭтәыла аацхраара иазыхиоуп

Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр  Сергеи Лавров иҳәамҭала, Москва,  Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи рҟны аизыҟазаашьақәа рҭыҧқәҵараҿы  Қырҭтәыла аацхраара иазыхиоуп, аҳынҭқаррақәа рхаҭа уи иазҿлымҳахар, ари апроцессла иазҧхьагәаҭоуп  ақәымлара иазку аиқәшаҳаҭра аиқәыршәарагьы.

«Қырҭтәыла уажәтәи анапхгара иҟалаз зегьы намысла ахәшьара арҭоит. Дара иаартны ирҳәеит  «аҭоурыхтә аинаалара ҳазҿлымҳауп» ҳәа. Ари аинаалара формас иаиуа атәылақәа рхаҭа   — Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи ирыӡбароуп. Дара Қырҭтәыла агәылара иҟоуп, уаҟа, уезгьы аимадарақәа узрыцәцом. Аганқәа зегьы аизыҟазаашьақәа рҭыҧқәҵара иазҿлымҳахар, ақәымлара иазку аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵар, ҳара рыцхраара ҳазыхиоуп», — иҳәеит Лавров ЕАР Ассамблеиа Хада  79-тәи асессиа аҳәаақәа ирҭагаӡны имҩаҧгаз аихшьаалатә апресс-конференциаҿый.