Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Китаи аофициалтә визитла ддәықәлеит, – аарыцҳаит урыстәылатәи аихқәа.
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова ишаалыцҳаз ала, Лавров Китаи Адәныҟатәи аусқәа рминиср мҟны аиҿцәажәарақәа мҩаԥигоит. Захарова лажәақәа рыла, изхәаԥшуа азҵаарақәа иреиуп Украинеи Азиа-Аокеан Ҭынчи ррегион аҿы иҟоу аҭагылазаашьеи ҩганкалатәи еизыҟазаашьақәа рызҵаарақәеи.
Сергеи Лавров ивизит мшаԥы 9 рзы ихыркәшахоит. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр аҵыхәтәаны Пекин 2023 шықәса жьҭааразы дыҟан.