Астатистиказы амилаҭтә маҵзура адыррала, 2024 шықәса жьҭааразы Қырҭтәыла аинфлиациа аҩаӡара ҧасатәи амза аасҭа 0.3% иаҟарахеит, аинфлиациа шықәсыктәи арбага – 0.3%.
Астатистиказы амилаҭтә маҵзура адыррала, ҵыԥхтәи апериод еиҿҳарԥшыр, 2024 шықәса жьҭааразы ари арбага 1.2% иаҟаран, аҭаҭын аламҧхьаӡакәа абазатә инфлиациа шықәсыктәи арбага 1.2 % иаҟароуп.
Астатистикатә маҵзура адыррала, ачеи ачалыхи рыхә азҳаит 0.5 %-ла, ахши ашәи акәтаҕьи — 2.3%, аӡҵәҵәи алкоголь злам арыжәтәи ашәырӡи — 0.4 %, акаҳуеи ачаи акакаои — 1.9%, ашьақари аџьемқәеи егьырҭ ахаатәқәеи — 1.45%, азеҭи ахәшеи – 1.6%.