"Сақстат" – Қырҭтәыла аусурҭадара арбага 4% рыла еиҵахеит
"Сақстат" – Қырҭтәыла аусурҭадара арбага 4% рыла еиҵахеит

Қырҭтәыла Астатистиказы амилаҭтә маҵзура адыррақәа рыла,   2022 шықәса аҩбатәи аквартал азы Қырҭтәыла аусурҭадара арбага 4% рыла еиҵахан, 18,1% иаҟарахеит.

Ишаҧу ала, ахацәа рыгәҭа аусурҭадара арбага аҳәса раасҭа иаҳа идууп. 2022 шықәса аҩбатәи аквартал азы аҳәса рыбжьара арбага  3,8% рыла еиҵахеит, ахацәа рыбжьара – 4,0% рыла.

2022 шықәса аҩбатәи аквартал азы, 2021 шықәса  иашьашәалоу аамҭа аасҭа аусурҭала аиқәыршәара арбага аҳәсеи ахацәеи рыбжьара 1,6%-и 2,9%-и рыла иазҳаит.