Сақстат - Ажьырныҳәа-нанҳәа рзы адәныҟатәи ахәаахәҭра иазҳаит 16.8 % рыла
Сақстат - Ажьырныҳәа-нанҳәа рзы адәныҟатәи ахәаахәҭра иазҳаит 16.8 % рыла

Астатистиказы амилаҭтә маҵзура заанаҵтәи адыррақәа рыла, 2023 шықәса ажьырныҳәа-нанҳәа рзы адәныҟахәаахәҭратә аикәшара 14 005.0 миллион америкатә доллар иаҟароуп,  ари арбага ҵыҧхтәи иашьашәалоу аамҭа арбага аҵкыс 16.8 % рыла еиҳауп.

Иарбоу арыцхә аҟынтә 4 079.4  млн. адоллар аекспорт ауп (ҵыҧхтәи иашьашәалоу аамҭа арбага аҵкыс 14.4 % рыла еиҳауп), аимпорт – 9 925.7 млн. адоллар иаҟароуп (ҵыҧхтәи иашьашәалоу аамҭа арбага аҵкыс 17.8% рыла еиҳауп).