Сақстат - 2025 шықәса ажьырныҳәа-мшаԥы рзы Қырҭтәыла адәныҟатәи атауареикәшара иазҳаит 15.3 наӡынала
Сақстат - 2025 шықәса ажьырныҳәа-мшаԥы рзы Қырҭтәыла адәныҟатәи атауареикәшара иазҳаит 15.3 наӡынала

Астатистиказы амилаҭтә маҵзура заанаҵтәи адыррақәа рыла, 2025 шықәса ажьырныҳәа-мшаԥы рзы Қырҭтәыла адәныҟатәи атауареикәшара  7 755.7  миллион адоллар иаҟаран. Ари арбага ҵыҧхтәи иашьашәалоу аамҭа арбага аасҭа 15.3 наӡынала еиҳауп.

Астатистика амилаҭтә маҵзура аинформациа ишану ала, аекспорт 2 014.4 млн. адоллар иаҟаран, убри аҟынтә, аекспорт азҳаит 14.2 наӡынала, аимпорт  – 5 741.3 миллион адоллар, ари арбагагьы  15.7 наӡынала иазҳаит.