Сақстат - 2025 шықәса ажьырныҳәа-ԥхынгәы рзы аҭыԥантәи аекспорт 2.7% рыла иазҳаит
2025 шықәса ажьырныҳәа-ԥхынгәы рзы аекспорт 3 845.1 миллион доллар иаҟаран, ари арбага ҵыҧхтәи иашьашәалоу аамҭа арбага аҵкыс 9.0% рыла еиҳауп. Ари атәы аарыҳцаит Амилаҭтә статистикатә маҵзура аҟынтә.
Сақстат аинформациа ала, аҭыԥантәи аекспорт аекспорт зегь аҟынтә 45.3% иаҟароуп. Ари арбага ҵыҧхтәи иашьашәалоу аамҭа арбага аҵкыс 2.7% рыла иазҳан, 1 742.8 миллион доллар иаҟарахеит.
Амилаҭтә статистикатә маҵзура аҟынтә ишаарыцҳаз, аҭыԥантәи аекспорт аҿы идуӡӡоу аекспорттә тәылақәа рҟынтә актәи хҭыԥк ааныркылоит Урыстәыла (385.6 млн), Ҭырқәтәыла (175.2 млн), Китаи (168.8 млн).