Сақстат - 2023 шықәса аҩбатәи аквартал аҿы Қырҭтәыла зегь реиҳа ирацәаны асасцәа Ҭырқәтәылантә иаҭааит
Сақстат - 2023 шықәса аҩбатәи аквартал аҿы Қырҭтәыла зегь реиҳа ирацәаны асасцәа Ҭырқәтәылантә иаҭааит

Сақстат аинформациа ала,  2023 шықәса аҩбатәи аквартал аҿы Қырҭтәыла зегь реиҳа ирацәаны асасцәа Ҭырқәтәылантә иаҭааит.

Астатистиказы амилаҭтә агентра аинформациа ала, 2023 шықәса аҩбатәи аквартал аҿы Қырҭтәыла 1,7 миллион ҩык жәларбжьаратәи аҭааҩцәа, ари арбага 2022 шықәсатәи иашьашәалоу апериод арбага аҵкьыс 57,4% рыла еиҳауп. Аҭааҩцәа абжьаратәи рықәра 31-50 шықәса иаҟароуп (46,4%).

“Иара убас, 2023 шықәса фымз рзы Қырҭтәыла 1ю2 миллион ҩык жәларбжьаратәи аҭааҩцәа рвизитқәа мҩаԥган, ари арбага 2022 шықәсатәи иашьашәалоу аамҭазы иҟаз арбага аҵкьыс 58,1 % рыла еиҳауп.

Зегь реиҳа ирацәаны атуризстцәа ҳтәыла иаҭааит: Ҭырқәтәылантә – 290,8 нызқь ҩык (24%), Урыстәылантә – 22,1%, Шәамахтәылантә – 12,4%.

Сынтәа аҩбатәи аквартал аҿы Қырҭтәыла жәларбжьартәи аҭааҩцәа рҟынтәи 3,4 миллиард лари ахашәала аиуит, ари 2022 шықәса хәажәкыразы иҟаз арбага аҵкьыс 49,1% рыла еиҳауп”, – иануп Астатистиказы амилаҭтә агентра аинформациа аҿы.