“Сақпатент” ахантәаҩыс дҟарҵеит  Сосо Гиоргаӡе 
“Сақпатент” ахантәаҩыс дҟарҵеит  Сосо Гиоргаӡе 

Қырҭтәыла Аинтеллектуалтә хатәра амилаҭтә центр ахантәаҩыс дҟарҵеит  Сосо Гиоргаӡе. Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили  “Сақпатент” ахантәаҩы ҿыц диҧылеит. Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылараҿы уажәы имҩаҧысуа апроектқәеи имҩаҧыргараны иҟоу апроектқәеи ирылацәажәеит. 

“Сақпатент” ахантәаҩыс дҟарҵаанӡа, Сосо Гиоргаӡе  Қырҭтәыла акультуреи, аспорти, аҿар русқәеи рзы аминистрс дыҟан, уаанӡа аиустициа аминистр ихаҭыҧуаҩ иҭыҧ ааникылон. Сосо Гиоргаӡе Қырҭтәыла Аиустициа аминистрра асистемаҿы аус иуан  2013 шықәса инаркны. Еиуеиҧшым аамҭазы иара Атәылауаҩреи амиграциеи азҵаарақәа рзы амаҵзуреи, Аҳәынҭқарратә сервисқәа рҿиара агентреи, Аиустициа аҩни дырхагылан. 

Иракли Ҕарибашвили Сосо Гиоргаӡе  “Сақпатент” ахантәаҩыс иқәыргылара идныҳәаланы, ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит.