Саломе Зурабишвили Техас иҟалаз арыцара инамаданы америкатәи ауааԥсыра дрыдашшылеит
Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Техас иҟалаз арыцара инамаданы америкатәи ауааԥсыра дрыдашшылеит. Аҳәамҭа асоциалтә каҭа “Твиттер” ианылеит.
„Техас арыцҳара ду ҟалеит. Ахәыҷқәа гәҭакыла иршьит. Абри еиԥш ацәгьаураан ажәақәа рыԥшаара мариам. Иҭахаз ахәыҷқәеи арҵаҩцәеи рҭаацәарақәа, америкатәи ажәлар, Увальт ауааԥсыра срыдашшылоит“, – иазгәаҭоуп ахада иҟалҵаз аҳәамҭа аҿы.
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, Техастәи ашкол аҿы иҟалаз ахысраан иҭахаз рхыԥхьаӡара 21-ҩык иаҟароуп.