Саломе Зурабишвили – Шәхаҭагьы ижәбап ашьауҕа зхысхуа   
Саломе Зурабишвили – Шәхаҭагьы ижәбап ашьауҕа зхысхуа   

 

Ашьауҕа ахыхра ашьҭахь, шәхаҭагьы ижәбап сара ашьауҕа зхысхуа,  —  илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили ашьауҕа ихыхра иадҳәаланы ажурналистцәа илырҭаз азҵаара аҭак аныҟалҵоз.

«Сара Сталин ма Саакашвили силацәажәарц азакәӡам абрахь сзааиз. Сара абҵара  7 рзы акциа салахәын, уи ақырҭуа жәлар рықәҧара акәын.  Ари азҵаара иадҳәаланы уаҳа акгьы сызшәаҳәом. Дарбанзаалак аӡәы ашьауҕа ихыхра алацәажәара ма азҵаарақәа аҭак рыҭара азакәӡам иахьа абра сзыҟоу. Ашьауҕа ахыхра ашьҭахь, шәхаҭагьы ижәбап сара ашьауҕа зхызхуа», — илҳәеит Саломе Зурабишвили.