Саломе Зурабишвили – Саакашвили изкны Страсбургтәи аӡбарҭа иаднакылаз ақәҵара Қырҭтәыла арепутациа даҽа ҧырхагак азаанамгеит, уи аҵакы ду амоуп
«Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи аӡбарҭа Қырҭтәыла ҧасатәи ахада атәым ҳәынҭқарра ахәшәтәырҭашҟа ииагара иақәшаҳаҭымхеит, ари ақәҵара аҵакы ду амоуп», — азгәаҭоуп Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили иҟалҵаз аҳәамҭаҿы.
Аҳәамҭа ишану ала, Саакашвили изкны Страсбургтәи аӡбарҭа иаднакылаз ақәҵара Қырҭтәыла даҽа ҧырхагак азаанамгеит, убри ауп ихадоу.
«Зыӡбахәы ҳәоу ақәҵара амшала Қырҭтәыла арепутациа ҧырхага амоуроуп, абри ауп ихадоу, избанзар уажәы Қырҭтәыла акандидат астатус анашьара азҵаара иахәаҧшуеит. Аха, Саакашвили аҧсҭазаареи агәабзиарахьчареи азы имоу азин еиқәыршәатәуп ҳәа сгәы иаанагоит», — иануп аҳәамҭаҿы.
Иахьа ишеилкаахаз ала, Страсбургтәи аӡбарҭа Михаил Саакашвили Варшаваҟа ииагаразы мап ицәыркит, иара убас, атәыла анапхгара ирыдрымҵеит Саакашвили атәыла аҩныҵҟа даҽа клиникак ахь диаргарц.