Саломе Зурабишвили – Леқсо Ҭораӡе исахьала Қырҭтәыла ақырҭуа дуӡӡа дацәыӡит, амузыка - апианист дуӡӡа, иҩызцәа - аҩыза гәакьа дырцәыӡит
Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили еицырдыруа апианист Леқсо Ҭораӡе иҧсра инамаданы адашшылара ҟалҵеит. Саломе Зурабишвили лҳәамҭала, Қырҭтәыла ақырҭуа дуӡӡа дацәыӡит, амузыка – апианист дуӡӡа, иҩызцәа – аҩыза гәакьа дырцәыӡит.
«Леқсои сареи 40 шықәса раҧхьа Ниу-Иорк ҳаибадырит… Иара — демигрант «ҿыцын», сара — «ажәытә» емигрант ихылҵ сакәын, ҳара кыраамҭа ари азҵаареи Қырҭтәылеи ҳалацәажәон. Иара — агәырҵҟәыл ду злоу амузыкант, сара — адипломат қәыҧш… Убри анеҩс, лассы-лассы ҳаиҧыломызт, аха, иансылшоз иконцертқәа бжьасыжьуамызт. Ҳанеиҧылоз, еснагь аҩызцәа гәакьацәа реиҧш ҳаиҧылон. Қырҭтәыла ақырҭуа дуӡӡа дацәыӡит, музыка — апианист дуӡӡа, иҩызцәа — аҩыза гәакьа дырцәыӡит», — илҩит Саломе Зурабишвили Facebook адаҟьаҿы.
Апианист Леқсо Ҭораӡе 69 шықәса шихыҵуаз иҧсҭазаара далҵит. Апианист Америка дынхон.