Саломе Зурабишвили Илиа Аҩбатәи идылныҳәалеит иинтронизациа инаркны 45 шықәса аҵра
Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Илиа Аҩбатәи идылныҳәалеит иинтронизациа инаркны 45 шықәса аҵра.
Қырҭтәыла Акталикос-Патриарх ихьӡала иҩыз адныҳәаларатә шәҟәы аҟны атәыла ахада иазгәалҭеит:
«Шәоуранагӡара абзоурала, шәара аиашахаҵаратә уахәамақәа мацара ракәымкәа, ақьырсиантә дунеи зегьы, аполитикатәи адоуҳатәи лидерцәа зегьы ҷыдала ҳаҭыр шәықәырҵоит. Папа Римтәи шәара шәахь имоу апатуқәҵареи абзиабареи адыргала, сынтәа Сикстәи акапеллаҿы, ажәытәӡатә ақырҭуа ауахәаматә ашәақәа инарываргыланы, шәара шәыҧҵамҭақәагьы инагӡан, уи Қырҭтәылеи Ватикани рҭоурыхаҿ ахьтәы даҟьа ҿыцуп».