Саломе Зурабишвили - Ҳаҭыр зқәуа ахада Зеленски, ҳтәылақәа иҭынчу, ишәарҭам Европаҿ аидгылара, акзаара. мышхәбзазара еиҭашьақәдыргылоит
Қырҭтәыла ахьӡала Ҟрымтәи аплатформа адекларациа сахьалахәу даара сазгәдууп, Украина асуверенитети атерритоиатә акзаареи адеоккупациа иазку шәстратегиеи шсадгыло шьақәсырӷәӷәоит, Ҟрым Укаиноуп, – илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили “Ҟрымтәи аплатформаҿ” данықәгылоз.
Зурабишвили лажәақәа рыла, Украина аҭыԥ змоу ахҭысқәа Қырҭтәыла ибзиаӡаны ирдыруеит, Қырҭтәыла ауааԥсыра изныкымкуа рхыргахьеит аҭынч гәылацәа рганахьала Кремльтәи агрессиа.
“Украина аҭыԥ змоу ахҭысқәа Қырҭтәыла ибзиаӡаны ирдыруеит, Қырҭтәыла ауааԥсыра изныкымкуа рхыргахьеит аҭынч гәылацәа рганахьала Кремльтәи агрессиа. Ақырҭуа жәлар рыхьӡала шёасҳәар сҭахуп – шәфырхаҵара џьашьахәыс иҳамоуп, ари ақәԥараҿ аиааира шыжәго агәра ҳгоит”,- илҳәеит Зурабишвили.
Қырҭтәыла ахада ишылҳәаз, Украина ақәԥара маншәалоуп, избан акәзар жәларбжьаратәи аиҩызара аҟынтә апрецедент змам адгылара аиуит, ари 2014 шықәсеи 2008 шықәсазы иҟалаз нанҳәатәи аибашьреи раан аҭыԥ амамызт.