Саломе Зурабишвили – Евроеидгыла макьана иалшоит урыстәылатәи агрессиантә Қырҭтәыла аиқәырхара
Саломе Зурабишвили – Евроеидгыла макьана иалшоит урыстәылатәи агрессиантә Қырҭтәыла аиқәырхара

«Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили ишылҳәаз ала,  Европа ахатә агхақәа иазҧхьагәаҭаны,  Украина алахәызаара амҩа ианыларатәы иҟанаҵароуп», — иануп  Financial Times астатиаҿы.

Апубликациа инақәыршәаны,   Саломе Зурабишвили  иаҵшьны иазгәалҭеит Евроеидгыла урыстәылатәи агрессиантә Қырҭтәыла ахьчаразы иахәҭоу ашьаҿақәа ҟанаҵароуп,  лара ишылҳәаз ала,  Украина аганхьала Бриуссель иагхеит.

«Урыстәыла анапхгара аӡәгьы иимхьчо аҭыҧқәа иҟоуп ҳәа ргәы иаанагар ҳҭахым», — илҳәеит Зурабишвили Financial Times аинтервиу аҿы.

Лара лажәақәа рыла: «Евроеидгыла кыраамҭатәи ҳгәыҕрақәа нанагӡароуп,  адырга ҳарҭароуп ҳаргьы абри аҭаацәара ҳшалахәы».

Зурабишвили ишазгәалҭаз ала,  2008 шықәсазы Қырҭтәыла иҟалаз аибашьра ашьҭахьгьы  2014 шықәсазы Ҟрым аннексиа ашьҭахьгьы Евроеидгыла уи изыҟанамҵеит.

«Убри азакәзар ҟалап Путин абас ихы зымҩаҧиго», — илҳәеит Зурабишвили.

«Украина шаҟамҭа иазыҧшыз аҟара ҳаргьы ҳазыҧшын.  Ҳара мҩак ҳануп,  уи ҳхамшҭроуп», — илҳәеит  Саломе Зурабишвили Financial Times.