Саломе Зурабишвили Чехиа ахада диҧылеит
Саломе Зурабишвили Чехиа ахада диҧылеит

Чехиа ахада Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили длыдикылеит Прагатәи аханаҿ. Ари атәы аарыцҳаит чехиатәи АИХқәа.

Адырра ишану ала,  Чехиа ахада Европатәи ахеилак аилатәара аҧхьа Қырҭтәыла адгылара азааирҧшыр иҭахуп. Чехиа ахада иусмҩаҧгарҭаҿ ишырҳәаз ала,  дара Саломе Зурабишвили илыхәаҧшуеит Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцессаҿ алагала ду ҟазҵо аполитик лаҳасабала.

АИХқәа рдыррақәа рыла,  аганқәа рхаҭарнакцәа ҩ-ганктәи аиҿцәажәарақәа мҩаҧыргоит. Дара  Евроеидгыла алалара иазку Қырҭтәыла аҽазышәарақәеи, Украина иаҿагыло аурыс агрессиа иахылҵыз алҵшәақәеи, Аахыц Кавказаҿ аҭагыазаашьеи иалацәажәоит.

Чехиатәи АИХқәа рдыррақәа рыла,  Саломе Зурабишвили,  иара убас,   Чехиа Сенат ахантәаҩи адепутатцәа рпалата аспикери дырҧылоит.