Саломе Зурабишвили «Атәым анырра аартызаара иазку» азакәанпроект иазкны – Азакәан амч анаиулак адырҩаҽныҵәҟьа ари азакәан аҧыхразы абжьагара ҟасҵоит
Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили «Атәым анырра аартызаара иазку» азакәанпроект ишыҟаз еиҧш апарламенташҟа илырхынҳәит азгәаҭарак мацара ҟаҵаны, уи инақәыршәаны, азакәан амч амазаауеит амч анаиулак инаркны мышкы заҵәык.
Амотивациатә хәҭаҿы атәыла ахада ишазгәалҭаз ала, зыӡбахәы ҳәоу азакәан урыстәылатәи азакәан аҟазшьа амоуп, 2023 шықәса хәажәкыра 10 рзы Қырҭтәыла идырхынҳәыз азакәан иеиҧшуп.
Атәыла ахада ишазгәалҭаз ала, апарламент иаднакылаз азакәан Қырҭтәыла Аконституциа 11-тәи 78-тәи ахәҭаҷқәа ирышьашәалам.
«Ари азакәан аиҕьтәра ҟалом. Азакәан, ахы инаркны аҵыхәанӡа, Аконституциа иашьашәалам, убри аҟынтә, уи — ақырҭуа закәаным, европатәи азакәаным, адемократиатә закәаным. Убри аҟынтә, ари азакәан аҧсахрақәак алагаланы иузыриашом. Уи аҵаки апринципқәеи ҳрықәшаҳаҭым. Убри аҟынтә, азакәан аҧыхра ада уаҳа ҧсыхәак иҟам, ажәларгьы убри ауп ирҭаху. Абри зегьы иазҧхьагәаҭаны, ари азакәан излауа ала ирланы, амч анаиулак адырҩаҽныҵәҟьа аҧыхразы абжьагара ҟасҵоит», — иануп атәыла ахада лҳәамҭаҿы.