Саломе Зурабишвили – Адунеи Қырҭтәылеи Молдовеи ахамшҭроуп, уи аҵакы ду амоуп
«Адунеи, уажәшьҭа Владимир Путин изкны иаҭаху зегьы адыруеит ҳәа сгәы иаанагоит. 2008 шықәсатәи аибашьреи 2014 шықәсазы Ҟрым ажәылареи ҟалаанӡа адунеи уи аздырӡомызт, еилнакаауамызт, аха, уажәшьҭа абри аинстинкти аимпериализм арҭбаара атенденциеи зегьы еилыркааит ҳәа сгәы иаанагоит», — илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили CNN иалҭаз аинтервиу аҿы.
Зурабишвили лгәаанагарала, Мраҭашәара еидгылеит, уи Урыстәылазы дыргас иҟалароуп, ажәыларазы ақәҿыҭра ҕәҕәа шыҟало рдыруазароуп.
Украина имҩаҧысуа аибашьраҿы Путин даиааир, даангылараны дыҟоума ҳәа ианлазҵаа, Зурабишвили абас аҭак ҟалҵеит:
«Украина анеҩс Қырҭтәылагьы дажәылома ҳәа шәсазҵаауазар, аҭак аҟаҵара сцәыуадаҩуп, мап ҳәа сгәы иаанагоит. Зегьы раҧхьа ҳара дҳақәлеит, уи еиҭаҟамлап ҳәа сгәыҕуеит, аха, иааҧҵәаны аӡәгьы изҳәом. Урыстәыла иаҵахар, рхы шымҩаҧыргаша аӡәгьы издырӡом. Бжала иаҵахар, ма бжала аиааира ргаргьы иҟарҵаша ҳаздырӡом. Ҳара импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ҳаухьеит, арҭ аҵакырадгьылқәа рҿы арратә базақәа гылоуп, ҳарада, уи проблемас иҳамоуп. Адунеи Қырҭтәылагьы Молдовеигьы ахамшҭроуп, уи аҵакы ду амоуп. Ҳәарада, иахьазы Украиноуп аҧыжәара змоу, аха, НАТО асаммити Евроеидгылаҿ имҩаҧысуа аиҿцәажәарақәеи раан ҳаргьы ҳархамшҭып ҳәа сгәыҕуеит. Убри азоуп Бриуссель сызнеиз, спартниорцәа ирасҳәар сҭахын Қырҭтәыла рхамшҭырц», — илҳәеит Саломе Зурабишвили.