Саломе Самадашвили -  Ника Гварамиа абахҭа дҭыҵаанӡа, ҳара ақәҿиара аиуразы алшара ҳауам
Саломе Самадашвили -  Ника Гварамиа абахҭа дҭыҵаанӡа, ҳара ақәҿиара аиуразы алшара ҳауам

«Иаци иахьеи Қырҭтәыла апарламентаҿ имҩаҧысуа ахҭысқәа ҳтәыла европатәи аҧеиҧш иаҧырхагоуп. Шәара шәымшала,  ҳареи Евроеидгылеи ҳаизыҟазаашьақәа рҿы раҧхьаӡа акәны, ари атәыла асанкциақәа азышьақәдыргылеит, ҳацхраара иаҟәыҵит. Ҳтәыла асанкциақәа рыла ҧырхага ду амоурц азыҳәан, Биӡина Иванишвили иаамҭаны асанкциақәа изышьақәыргылатәуп», — илҳәеит адепутат  Саломе Самадашвили Қырҭтәыла апарламент апленартә аилатәараҿы.

Лара лажәақәа рыла, Урыстәылаҟны ишиашо ареисқәа рымшала, Қырҭтәыла аҵакырадгьыл асанкциақәа рывсразы ахархәара ашәарҭара шәынтә азҳауеит.

Саломе Самадашвили ишылҳәаз ала, ҵыҧх  Ника Гварамиа ибаандаҩтәра амшала, Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус аиура алшара ацәыӡит.

«Аҭакҧхықәра наӡа схы иадҵаны исҳәар сылшоит Ника Гавармиа абахҭа дҭыҵаанӡа ҳара ақәҿиаразы алшара шаҳмоуа, избанзар, аполитбаандаҩцәа ахьыҟоу атәыла Евроеидгылаҿ иаҭыҧым», — илҳәеит  Саломе Самадашвили.