Саломе Самадашвили - Иахьа аофициалла шьақәырӷәӷәан атәыла адәныҟаполитикатәи аориентациа шаԥсахыз
Аоппозициаа рхаҭарнак Саломе Самадашвили иҟалҵаз аҳәамҭала, иахьа аофициалла шьақәырӷәӷәан атәыла адәныҟаполитикатәи аориентациа шаԥсахыз.
Саломе Самадашвили “Ақырҭуа гәахәтәы” абрифинг дацәажәеит.
“Ианукович ассоциира иазку аиқәшаҳаҭра мап анацәикыз, убри ахҭыс еиԥ аҭагылазаашьа ҳамоуп иахьа атәылаҿ. Иахьа даҽазнык шьақәырӷәӷәан Мишель идокумент изаамҭаным алхрақәа рымҩаԥгареи атәылаҿ адемократиатә система аиҭашьақәыргылареи хықәкыс шамаз. Убри азоуп Иванишвили Америкеи Европеи дзырҿагылаз. Ибзиаӡаны иубарҭоуп иахьа Қырҭтәыла аӷацәа Иванишвилии иполитикатә режими шраку,” – илҳәеит Самадашвили.
“Ақырҭуа гәахәтәы” ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе иахьатәи абрифинг аҿы иҟаиҵаз аҳәамҭала, Шарль Мишель илагалеи идгылареи рзы иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит. Аха иахьа, аиқәшаҳаҭра рыбжарҵеижьҭеи 100 мш анҵы иубарҭоуп, ари адокумент ахатә миссиа шынанагӡаз, уаҳа акгьы шалымшо”. Кобахиӡе иажәақәа рыла, мшаԥы 19-тәи аиқәшаҳаҭра аԥыхра ала, атәыла аконституциатә ҳәаа азыхынҳәеит, аполитикатә процессқәа Қырҭтәыла аконституциа инақәыршәаны нагӡахоит.