Саломе Самадашвили – Евроеидгылашҟа Қырҭтәыла алалара апроцесс  Саакашвили ихақәиҭтәра иадҳәалоуп ҳәа аӡәгьы иҳәом, Саакашвили абахҭа дышҭакугьы ҳара акандидат астатус ҳауит
Саломе Самадашвили – Евроеидгылашҟа Қырҭтәыла алалара апроцесс  Саакашвили ихақәиҭтәра иадҳәалоуп ҳәа аӡәгьы иҳәом, Саакашвили абахҭа дышҭакугьы ҳара акандидат астатус ҳауит

Апартиа  «Лело» алахәыла  Саломе Самадашвили  лҳәамҭала, Евроеидгылашҟа Қырҭтәыла алалара апроцесс  Саакашвили ихақәиҭтәра иадҳәалоуп ҳәа аӡәгьы иҳәом, уи апропаганда ҧаршеи ауп.

Самадашвили ишылҳәаз ала,  анапхгратә партиа «Атәым анырра аартызаара иазку» азакәан аднакылар, Евроеидгыла алаларазы аиҿцәажәарақәа мҩаҧысуам, аха, уи адагьы, атәыла авизадатә режими акандидат астатуси ацәыӡыр ауеит.

«Биӡина Иванишвили идҵақәа назыгӡо ауааҧсыра зегьы цқьа еилыркаароуп дара Биӡина Иванишвили ишьҭахь аҽыҵәахра шрылымшо. Убри азоуп хазхаҭалатәи асанкциақәа рызҵаара зцәырҵыз», — илҳәеит  Саломе Самадашвили.

Аполитик ишылҳәаз ала, иахьазы Қырҭтәыла европатәи аҧеиҧш иаҧырхагоуп «урыстәылатәи азакәан» адкылара.