«Аиҭакрақәа рзы акаолициа» алахәыла Саба Схвитариӡе ҩышықәса аҭакра иқәырҵеит.
Аханатә Саба Схвитариӡе аполицаи иқәларазы ахара идын, уи азы 7 шықәса инаркны 11 шықәсанӡа аҭакра иазҧхьагәаҭоуп. Ҧхынгәы 24 рзы имҩаҧгаз аилатәараҿы идыз ахара иҧсахны, хықәкыла агәабзиара ҧырхага хәыҷык азаагаразы иус рыӡбеит, уи азы шықәсык инаркны хышықәсанӡа аҭакра иазҧхьагәаҭоуп.
Азхинхьчаҩцәа Саба Схвитариӡе дааныркылеит ҧхынҷкәын 4 рзы.