Румынтәылеи, Польшеи, Ҭырқәтәылеи рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа Қырҭтәылеи Украинеи рхьыҧшымреи евроатлантикатә рҽазышәарақәеи ишрыдгыло шьақәдырҕәҕәеит
Румынтәылеи, Польшеи, Ҭырқәтәылеи рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа Қырҭтәылеи Украинеи рхьыҧшымреи евроатлантикатә рҽазышәарақәеи ишрыдгыло шьақәдырҕәҕәеит

Румынтәылеи, Польшеи, Ҭырқәтәылеи рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа Бухарест ианеиҧыла ашьҭахь, аҳәамҭақәа еицырҟарҵеит.

Адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа даҽазнык ишьақәдырҕәҕәеит Қырҭтәылеи Украинеи рхьыҧшымреи евроатлантикатә рҽазышәарақәеи ишрыдгыло.

«НАТО имҩаҧнаго аанкыларатәи ахыхьчаратәи политикеи, аҕәҕәара аизырҳареи,  «Иаарту ашәқәа» аполитика анагӡареи, иара убас, мраҭашәаратәи балкантәи партниорцәа рыдгылареи аҵакы ду шамоу азы ҳаиқәшаҳаҭхеит. Ҳара иаҵшьны иазгәаҳҭеит НАТО ҳпартниорцәа рҟны адиалог ишазҿлымҳау, аха, арҭ аизыҟазаашьақәа аганқәа зегьы хырҳагара рзааргароуп», — иануп аҳәамҭаҿы.