Роман Гоцириӡе - Саломе Зурабишвили, атәыла ахада иҭыҧаз иаҳзеиҧшу аоппозициатә кандидат лаҳасабала, апрезиденттә кампаниа далагароуп
«Аоппозициа арҭбаара апроцесс – даараӡа ибзиоуп. Аполитикатә 4 блокк еидызҳәало аструктура цәырҵит. Уи бзиоуп, аха, аоппозициатә фланг иаҳа ирҭбаазар, иаҳа еиҕьхон», — иҳәеит аоппозициатә депутат Роман Гоцириӡе.
Иара иажәақәа рыла, аоппозициатә фланг идуу 2 каолициак аҧнаҵар бзиан.
«Макьана аамҭа иҟоуп, аблок цыҧхьаӡа апартиа хәыҷқәа рыла аҽырҕәҕәара алшоит. Наӡынак адымхаргьы, измоу партиакгьы ганла иаанымхароуп.
Саломе Зурабишвили, атәыла ахада иҭыҧаз иаҳзеиҧшу аоппозициатә кандидат лаҳасабала, апрезиденттә кампаниа далагароуп — апрезиденттә кампаниа алагара аоппозициатә фланг адинамика ҿыц анаҭоит», — иҳәеит Гоцириӡе.