Роман Гоцириӡе  - Узқәиҭым атауарқәа Урыстәылаҟа  инагоуп Қырҭтәылантә, Ацентртә Азиа атәылақәа рышҟа Қырҭтәыла аекспорт зеиҧшҟамлац ала иазҳаит, уаантә атауарқәа, уадаҩрада Урыстәылаҟа инаргоит
Роман Гоцириӡе  - Узқәиҭым атауарқәа Урыстәылаҟа инагоуп Қырҭтәылантә, Ацентртә Азиа атәылақәа рышҟа Қырҭтәыла аекспорт зеиҧшҟамлац ала иазҳаит, уаантә атауарқәа, уадаҩрада Урыстәылаҟа инаргоит

«Иқәиҭыму атауарқәа Урыстәыла аҵакырадгьылашҟа инагоуп Қырҭтәылантә. Уи шьақәырҕәҕәоуп астатистика алагьы», — иҳәеит аоппозициатә депутат  Роман Гоцириӡе.

Гоцириӡе иажәақәа рыла,  Ацентртә Азиа атәылақәа рышҟа Қырҭтәыла аекспорт зеиҧшҟамлац ала иазҳаит, уаантә атауарқәа, уадаҩрада Урыстәылаҟа инаргоит.

«Украина икаҳауа аракетақәа анаадыртуа, мраҭашәаратә атехнологиақәа рбоит  — америкатә, европатәи, иапониатәи.  Аракетақәа рҿгьы иқәиҭыму, асанкциақәа ззышьақәыргылоу атауарқәа иҟоуп. Зегьы ибзианы ирдыруеит тәылақәак, ҳгәылара иҟоу Ҭырқәтәылагьы, иқәиҭыму атауарқәа Урыстәылаҟа рнагара ишацхраауа.  Арҭ атауарқәа рмаршрут хада  – Қырҭтәыла адгьыл ала, Новороссииск – амшынла. Уи шьақәырҕәҕәоуп астатистика алагьы.  Иқәиҭыму атауарқәа Урыстәыла аҵакырадгьылашҟа инагоуп Қырҭтәылантә.  Ацентртә Азиа атәылақәа рышҟа Қырҭтәыла аекспорт зеиҧшҟамлац ала иазҳаит, уаантә атауарқәа, уадаҩрада Урыстәылаҟа инаргоит. Ҽакала иуҳәозар, Қырҭтәыла рхы иадырхәоит мраҭашәаратә тауарқәа Урыстәылаҟа рнагаразы», — иҳәеит Роман Гоцириӡе.