Роман Гоцириӡе - Апартиа ақәиҭымтәра афашисттә лозунгуп, Қырҭтәыла аконституциала азин арымҭароуп "Жәлар рымчи" Урыстәыла адгыло амчқәеи
Роман Гоцириӡе - Апартиа ақәиҭымтәра афашисттә лозунгуп, Қырҭтәыла аконституциала азин арымҭароуп "Жәлар рымчи" Урыстәыла адгыло амчқәеи

Аоппозициаа рдепутат Роман Гоцириӡе иажәақәа рыла, апартиа ақәиҭымтәра афашисттә лозунгуп, Қырҭтәыла аконституциала азин арымҭароуп “Жәлар рымчи” Урыстәыла адгыло амчқәеи.

Қырҭтәыла Актәи аканал аинтервиу аҿы Гоцириӡе ишааицҳаз ала, Созар Субари Молдова дахьахцәажәаз даара ибзиоуп, уа Урыстәылеи Кремли ирыдгыло апартиақәа иқәиҭымуп. Арҭ апартиақәеи “Жәлар рымчи” лрозунгқәа еиԥшуп.

“Молдоваҿ абри еиԥш апартиа аԥыхын, Қырҭтәылаҿы “Жәлар рымч” аԥыхтәуп. Апарламент аҿы “Амилаҭтә ҵысра” ақәиҭымтәра азҵааразы абжьыҭира ҩынтә мҩаԥган, 46- бжьы рыман. Ари агаӡароуп”, – иҳәеит Гоцириӡе.

Иахьа Созар Субари иҟаиҵаз аҳәамҭала, Қырҭтәыла апарламент аҿы “Амилаҭтә ҵысра” ацәгьуорақәа рыҭҵаареи ақәнага ақәыршәареи рпроцесс алагаразы ажәалагала ала дықәгылоит.