"Роитер" аинформациа ала, Казахстан, Урыстәыла иахыкәшаны, Бақәа-Қарҭ-Џьеиҳани Бақәа-Суԥсеи анефтмҩангагақәа рхархәарала анефт аҭира алагоит
"Роитер" аинформациа ала, Казахстан, Урыстәыла иахыкәшаны, Бақәа-Қарҭ-Џьеиҳани Бақәа-Суԥсеи анефтмҩангагақәа рхархәарала анефт аҭира алагоит

Казахстан, Урыстәыла иахыкәшаны, Бақәа-Қарҭ-Џьеиҳани Бақәа-Суԥсеи анефтмҩангагақәа рхархәарала анефт аҭира алагоит.

Ари атәы аанацҳаит “Роитер”.

Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, аконтракт нанҳәа анҵәамҭазы рыбжьарҵоит, Бақәа-Қарҭ-Џьеиҳан (BTC) ахархәара мызкы ашьҭахь алагоит.

Казахстантәи аҳәынҭәарратә анефттә аилахәыра “Казмунаигаз” азербаиџьантәи аҳәынҭқарратә аилахәыра “Сокар” аҟны аилацәажәраақәа мҩаԥнагоит шықәсак ала Бақәа-Қарҭ-Џьеиҳан анефтмҩангагала 1.5 миллион тонна анефт аиагара рылшар.