Роберта Метсола - Зегь реиҳа ицәгьоу сигналхоит Украина ахықәкқәеи аҿҳәареи ахьаҳҭаз, аха ҳарҭ урҭ рынагӡара ахьҳалымшо
Роберта Метсола - Зегь реиҳа ицәгьоу сигналхоит Украина ахықәкқәеи аҿҳәареи ахьаҳҭаз, аха ҳарҭ урҭ рынагӡара ахьҳалымшо

Европарламент ахада Роберта Метсола иҟалҵаз аҳәамҭала, Украина Евроеидгыла аофициалла иалалаанӡа, Евроеидгыла арбзазагақәа аднагалар алшоит.

“Гардиан” аҟны аинтервиу аҿы Европарламент ахада ишылҳәаз ала, арбзазагақәа ахәаахәҭратә тарифқәа раԥыхра ма Киев азы аҩныҵҟатәи аџьармыкьахь анашьҭреи роуп иаанаго.

Метсола ишазгәалҭаз, аофициалтә аиҿцәажәарақәа Анцәа иира аныҳәанӡа иалагоит. Аҿбара Евроеидгыла аминистрцәа рыдыркылароупю Урҭ ԥхынҷкәын азы еиԥылароуп. 

“Иконкрету ашьаҿақәа сырзыԥшуп, зегь реиҳа ицәгьоу сигналхоит Украина ахықәкқәеи аҿҳәареи ахьаҳҭаз, аха ҳхала урҭ рынагӡара аҳҳалымшо”, – илҳәеит Метсола.