Роберта Метсола - Ҳара Қырҭтәыла ахада Европарламент ахь дааҳаԥхьоит, лара лҟны аиҿцәажәарақәа мҩаԥаагоит иреиӷьу аформат алхразы
Роберта Метсола - Ҳара Қырҭтәыла ахада Европарламент ахь дааҳаԥхьоит, лара лҟны аиҿцәажәарақәа мҩаԥаагоит иреиӷьу аформат алхразы

Европарламент ахада Роберта Метсола иҟалҵаз аҳәамҭала, Қырҭтәыла ахада Европарламент ахь даарыԥхьеит. Ари атәы Метсола аалыцҳаит Европарламент апленартә еилатәараҿ данықәгылоз.

“Европарламент ақырҭуа жәлар адгылара рзаанарԥшуеит, арҭ ауаа ҩымчыбжь иреиҳаны Қарҭи егьырҭ ақалақьқәеи рҿы аҭынч демонстрациақәа мҩаԥыргоит, Евроеидгыла абираҟқәа кны, европатәи аԥеиԥш шадгыло иаҳдырбоит, ари аамҭазы  аӡыршәгақәа рыла урҭ реимырпра иаҿуп. Ақырҭуа жәлар рахь ааԥхьара ҟасҵоит – шәаҳәбоит, шәыбжьы ҳаҳауеит, ҳшәыдгылоит. Ари апарламент ақырҭуа аоппозициаа ррепрессиақәа, аҭынч демонстрантцәа рганахьала амч ахархәара ирҿагылоит. Абри еиԥш ахымҩаԥгашьа Қырҭтәыла европатәи амҩа иашьашәалам.

Аилагарақәа рзы аҭак зыԥхықәу ахаҿқәа рганахьала асанкциақәа ралагалара идҵаны иқәҳаргылоит, аидгыла иалоу атәылақәа зегь рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит еидгыларц, ари аӡбамҭазы еиқәшаҳаҭхарц.

Ҳара Қырҭтәыла ахада Европарламент ахь дааҳаԥхьоит, лара лҟны аиҿцәажәарақәа мҩаԥаагоит иреиӷьу аформат алхразы”, – илҳәеит Европарламент ахада Роберта Метсола.