Риши Сунак Британиа Ду апарламенттә алхрақәа рҿы дшаҵахаз иазхеиҵеит
Риши Сунак Британиа Ду апарламенттә алхрақәа рҿы дшаҵахаз иазхеиҵеит

Британиа Ду аԥыза-министр Риши Сунак апарламенттә алхрақәа рҿы дшаҵахаз иазхеиҵеит.

“Алхрақәарҿы аиааира агеит алеибористтә партиа”, – иҳәеит Сунак, уи Ким Стармер аиааира агара идиныҳәалеит.

Аекзитполқәа рыла, Британиа Ду имҩаԥгаз изаамҭаным апарламенттә алхрақәа рҿы аиааира агеит “Алеибористцәа рпартиа”. 650-ҩык рыла ишьақәгылоу ауаԥшьқәа рпалатаҿ алеибористцәа 410 ҭыԥ ааныркылоит, атәыла аԥыза-министрс апартиа алидер Кир Страмер дҟалоит, аконсерваторцәа рхыԥхьаӡара 131-ҩык иаҟарахоит, алиберал-демократцәа – 61-ҩык, “Шотландиа амилаҭтә партиа”  аҟынтә апарламент иалалоит10-ҩык  адепутатцәа мацара.