Римтәи Папа Парижтәи аолимпиада аан адунеиаҿ иҟоу аимакқәа рҿы аамҭала аинышәара алшара ҟалап ҳәа дгәыҕуеит  
Римтәи Папа Парижтәи аолимпиада аан адунеиаҿ иҟоу аимакқәа рҿы аамҭала аинышәара алшара ҟалап ҳәа дгәыҕуеит  

Римтәи Папа Франциск Парижтәи аолимпиада аан адунеиаҿ иҟоу аимакқәа рҿы аамҭала аинышәара алшара ҟалап ҳәа дгәыҕуеит. Римтәи Папа ари азҵаара далацәажәеит амҽыштәи абжьагажәа аан.

„Ари амчыбжь азы Парижтәи аолимпиатә хәмаррақәа иалагоит. Аспорт асоциалтә мчы ду амоуп, еиуеиҧшым акультурақәа ирыҵанакәа ауаа ҭынч реидкылара алшоит. Ари ауснагӡатә  аан адунеиаҿ иҟоу аимакқәа рҿы аамҭала аинышәара алшара ҟалап ҳәа сгәыҕуеит. Антикатә традициа инақәыршәаны, аолимпиада аибашьрақәа рҿы аамҭала аинышәара алшара ҳнаҭоит“, – иҳәеит Римтәи Папа.

Парижтәи аолимпиатә хәмаррақәа раартра ацеремониа мҩаҧгахоит ҧхынгәы  26 рзы. Ауснагӡатә рхы аладырхәоит  10 500ҩык раҟара аспортсменцәеи  100 иреиҳаны атәылақәа рнапхгаҩцәеи.