Рикард Иозвак - Аҵыхәтәаны, Евроеидгыла   «Ақырҭуа гәахәтәы» аиҳабыра аус рыцура ақәшәоит, аиашаз, Евроеидгыла уаҳа ҧсыхәа амам
Рикард Иозвак - Аҵыхәтәаны, Евроеидгыла   «Ақырҭуа гәахәтәы» аиҳабыра аус рыцура ақәшәоит, аиашаз, Евроеидгыла уаҳа ҧсыхәа амам

Аҵыхәтәаны, Евроеидгыла   «Ақырҭуа гәахәтәы» аиҳабыра аус рыцура ақәшәоит. Сара сзацәажәоз Евроеидгыла аофициалтә хаҿқәа урзыӡырҩыр, дара рыда уаҳа хәмарҩык дыҟамзшәа угәы иабар ауеит», – иҩит  «Арадио Ахақәиҭра» европатәи абиуро аредактор  Рикард Иозвак истатиаҿы.

Иозвак иҳәамҭала, Евроеидгыла уаҳа ҧсыхәа амам.

«Қырҭтәыла апарламенттә алхрақәа рышьҭахь хымчыбжь ҵит. Анапхгаратә партиа  «Ақырҭуа гәахәтәы»  54% рыла аиааира агеит, аха, аоппозициаа апротест ҟарҵоит, апарламент алалара ргәы иҭам, Евроеидгыла уажәгьы ирыздырӡом абри зегьы иахырҳәааша.

Абри зегьы 3 факторк рымшалоуп ишыҟалаз: ҧхьаҟацаразы авариантқәа рмаҷреи, Евроеидгыла аҩныҵҟа аҳәатәеиқәымшәареи, насгьы, алхрақәа рымш азгьы алхраҧхьатәи аамҭазы иҟалаз амдырреи.

Аҵыхәтәаны, Евроеидгыла   «Ақырҭуа гәахәтәы» аиҳабыра аус рыцура ақәшәоит. Сара сзацәажәоз Евроеидгыла аофициалтә хаҿқәа урзыӡырҩыр, дара рыда уаҳа хәмарҩык дыҟамзшәа угәы иабар ауеит.  Убри аҟынтә, Евроеидгыла уаҳа ҧсыхәа амам», – иҩит  Рикард Иозвак.