«Reuters» адыррақәа рыла, Америкатә Конгресс Украинеи НАТО апартниорцәеи ирццакны ацхыраара рыҭаразы 44,9 миллиард адоллар рзоунашьҭуеит
«Reuters» адыррақәа рыла, Америкатә Конгресс Украинеи НАТО апартниорцәеи ирццакны ацхыраара рыҭаразы 44,9 миллиард адоллар рзоунашьҭуеит. Ари аицҵалыҵ арбоуп Америкатә Конгресс иалагалоу азакәанпроект аҽы.
«Reuters» адыррала, Америкатә Конгресс аҩ-палатак рнапхгаҩцәа ари азакәанпроект амчыбжь анҵәамҭанӡа ишьақәырҕәҕәаны, анапаҵаҩразы Америка ахада издәықәырҵар рҭахуп.
Иара убас, «Reuters» ишаанацҳаз ала, азакәанпроект Қьырса аныҳәанӡа ишьақәыдмырҕәҕәар, аиҳабыра, хәҭала, аусура аанкылара рықәшәоит, нас, ари азакәанпроект ахәаҧшразы иҵегьы мызқәак аҭаххоит, избанзар, ажьырныҳәа 3 инаркны, Ахаҭарнакратә палатаҿ ареспубликанцәа аиҳара роуеит.