Реџьеп Таип Ердоҕан  – Ҳара Украина ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ҕәҕәала ҳадгылоит, Украина Ҟрым азырхынҳәра  – жәларбжьаратәи зин аҳәароуп
Реџьеп Таип Ердоҕан  – Ҳара Украина ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ҕәҕәала ҳадгылоит, Украина Ҟрым азырхынҳәра  – жәларбжьаратәи зин аҳәароуп

«Ҳара Украина ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ҕәҕәала ҳадгылоит, Украина Ҟрым азырхынҳәра  – жәларбжьаратәи зин аҳәароуп », —  иҳәеит Ҭырқәтәыла ахада  Реџьеп Таип Ердоҕан  «Ҟрымтәи аплатформаҿ» иҟаиҵаз авидеоааҧхьараҿы.

Иара убас, Ердоҕан ишиҳәаз ала, Ҭырқәтәыла аимак аҭыҧқәҵара иазҿлымҳауп.

«Ҳара гәыкала иаҳҭахуп ари аибашьра Украина аҵакырадгьылтә акзаареи ахьыҧшымреи еиқәзыршәаша  ииашоу аҭынчра ҕәҕәала ихыркәшахарц», — иҳәеит Ердоган.