Реџьеп Таип Ердоҕан  – Ҭырқәтәыла Ҕаза асектораҿ ашьакаҭәара аанкылара иауалуп
Реџьеп Таип Ердоҕан  – Ҭырқәтәыла Ҕаза асектораҿ ашьакаҭәара аанкылара иауалуп

Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоҕан иҳәамҭала, Ҭырқәтәыла  «израильтәи ақәыҕәҕәарантә палестинаа реиқәырхара иауалуп».

«Ҳара жәларбжьаратәи ауаажәларра ишырбо Ҕаза асектораҿ имҩаҧысуа ашьакаҭәара аанкылара иаҳуалуп. Ҳара иаҳа ирацәаны иҟаҳҵоит. Ҭырқәтәыла Ҕаза асектораҿ иҟоу ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ахаангьы  цхыраарада ааннажьуам. Ҳара аҭоурыхтә ҭакҧхықәра ҳадуп  — Ҕаза асектораҿ ииашам, аламысдаратә, иҧхашьагоу ауаҩшьра адгылаҩцәа ааҳарҧшыроуп», — иҳәеит Ердоҕан.

Ҭырқәтәыла ахада ишиҳәаз ала, Ҕаза асектор иқәынхо ауааҧсыра агуманитартәи амедицинатәи арыцҳара иҭагылоуп, избанзар, Израиль Ҕаза асекторахь абылтәы анагара иаҟәыҵит, убри амшала ахәышәтәырҭақәа реиҳара аусура рылшом.