Реџьеп Таип Ердоӷан - Аҩадатәи Ираки Шьамтәылеи ррегионқәа атерористцәа рҟынтә ррыцқьаразы Ҭырқәтәыла имҩаԥнаго аҳауатә операциа алагамҭа мацароуп
Реџьеп Таип Ердоӷан - Аҩадатәи Ираки Шьамтәылеи ррегионқәа атерористцәа рҟынтә ррыцқьаразы Ҭырқәтәыла имҩаԥнаго аҳауатә операциа алагамҭа мацароуп

Аҩадатәи Иракли Шьамтәылеи ррегионқәа атерористцәа рҟынтә ррыцқьаразы Ҭырқәтәыла имҩаԥнаго аҳауатә операциа алагамҭа мацароуп, – иҳәеит Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоӷан.

Реџьеп Таип Ердоӷан иажәақәа рыла, Ҭырқәтәыла Шьамтәылаҿ адәытә операциа зегь реиҳа изырҳагоу аамҭазы алагоит.

” Аҳаирпланқәеи, артиллериеи апилот дызмам аҳауатә аӷьқәеи рыла ҳоперациа алагамҭоуп. Шьамтәылаҿ адәытә операциа зегь реиҳа изырҳагоу аамҭазы ҳалагоит. Аҩбатәи аган аиқәшаҳа́ҭра анагӡара рылымшозар, ҳара ахыхьчара зин ҳамоуп. Шьамтәылантә рхылаԥшра аҵаҟа иҟоу арегионқәа рҟынтә шәтәыла ашәарҭа аиуам ҳәа агарантиа ҳазҭоз амчқәа, рҳәатәы анагӡара рылымшеит. Дара рзы шьҭымҭа ҳамоуп – шәыгәҭакы анагӡара шәылшом, ишьамхнышлоу Ҭырқәтәыла ахаан ижәбом”, – иҳәеит Ердоӷан.