Реџьеп Таин Ердоӷан иахьа Венгриа даҭаауеит
Реџьеп Таин Ердоӷан иахьа Венгриа даҭаауеит

Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таин Ердоӷан иахьа Венгриа даҭаауеит. Ҭырқәтәыла ахада Венгриа амилаҭтә амш инамаданы имҩаԥысуа ацеремониа ихы алаирхуеит.

Ҭырқәтәылтәи аихқәа ишаарыцҳаз, ҩтәылак рлидерцәа Украина ицо аибашьреи, Амшын Еиқәа ашәарҭадареи, ҩганкалатәи аизыҟазаашьақәеи рыхцәажәоит. Иара убас ирзааҭгылоит Нато арҭбареи Евроеидгылаҟны аусеицуреи ирызку азҵаарақәа.

Нанҳәа анҵәамҭазы Венгриа даҭаауеит Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путин.