Рати Брегаӡе - Иацы аклиника аҵакырантә хҩык абаандаҩцәа бналеит, урҭ Қарҭ ааигәара иаанкылан,  апенитенциартә усҳәарҭашҟа иигоуп
Рати Брегаӡе - Иацы аклиника аҵакырантә хҩык абаандаҩцәа бналеит, урҭ Қарҭ ааигәара иаанкылан, апенитенциартә усҳәарҭашҟа иигоуп

Иацы аклиника аҵакырантә хҩык абаандаҩцәа ибналеит, аусԥшаара аинтересқәа ирызԥхьагәаҭаны, адетальқәа рыхцәажәара зин сымам, урҭ Қарҭ ааигәара аанаҳкылеит, – иҳәеит Аиустициа аминистр Рати Брегаӡе.

Аминистр иажәақәа рыла, абаандаҩцәа иашьашәалоу апенитенциартә усҳәарҭашҟа иагоуп.

“Иацы аклиника аҵакырантә хҩык абаандаҩцәа ибналеит. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҟны акоординациа ала, аԥшааратә усурақәа қәҿиарала ихыркәшан. Ахбаандаҩык аанкылан, иашьашәалоу апенитенциартә усҳәарҭашҟа иагоуп“, – иҳәеит Аиустициа аминистр.

Абаандаҩцәа рыбналара афакт азы Ахьчаратә маҵзура аусзуҩ даанкылоуп имаҵзуратә ҧхықәрақәа рынамгӡара ма ишахәҭоу еиҧш рынамгӡаразы. Зыӡбахәы ҳәоу ацәгьауразы иазҧхьагәаҭоуп хышықәсанӡа аҭакра.