Рати Брегаӡе - Аиустициа аминистрра Саакашвили аҳәаанырцәҟа ииагаразы азинтә шьаҭа ҳамам
Рати Брегаӡе - Аиустициа аминистрра Саакашвили аҳәаанырцәҟа ииагаразы азинтә шьаҭа ҳамам

Иахьа лассы-лассы идҵаны иқәдыргылоит абаандаҩы игәабзиара аиӷьтәразы аҳәаанырцә ииагара, абаандаҩы Саакашвили Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҿы иҟоу апенитенциартә усҳәарҭаҿ дҭакуп, аиустициа аминистрра Саакашвили аҳәаанырцә ииагаразы азинтә шьаҭа амам,  – иҳәеит Аиустициа аминистр Рати Брегаӡе абрифинг аҿы.

Аминистр иажәақәа рыла, Аиустициа аминистрра абаандаҩы Саакашвили иднагалоит ианбанзаалак атәымтә хәышәтәырҭа аҟынтә дарбанзаалак аҳақьым изааиԥхьарц, аҳәынҭқарра аҟынтә уи ахәышәтәра апроцесс аҽалархәра зин иоуоит.

“Азакәан аҿаԥхьа абаанзаҩцәа зегьы рзинқәа еиҟароуп, ари ҳконституциа иануп. Ацентр “Емпатиа” зхы иақәиҭу аекспертиза мҩаԥнагоит, уи иалахәын атәымтә експертцәа, аҳәынҭқарра урҭ рыззегьы азин рнаҭеит. Ҳҳәынҭқарра ауаҩы иԥсҭазаареи игәабзиареи аҭакԥхықәра ду ала ирхылаԥшуеит, уажәгьы баандаҩы Саакашвили идаҳгалоит ианбанзаалак атәымтә хәышәтәырҭа аҟынтә дарбанзаалак аҳақьым изааҳаԥхьарц”, – иҳәеит Брегаӡе.