Рати Амаҕлобели иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рыхьӡала аҳәамҭа ҟаиҵеит - Хара имгакәа ауаажәларри атәылауаҩратә сектори ахаҭарнакцәа еизаны, амилаҭтә ҳәатәхамҵара хықәкыс иқәдыргылоит
«Ҳара иҳалшо ала ари ахҭыс ҳаҿагылароуп. Иахьа урыстәылатәи арежим аҿагылара аетап ҿыц иалагоит, ари ақәҧараҿы аиааира агара иаҳуалуп», — иҳәеит Рати Амаҕлобели «Ақырҭуа гәахәтәы» аофис аҧхьа.
Рати Амаглобели иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рыхьӡала дықәгылеит.
«Аҧыза-министр иҟаиҵаз аҳәамҭа ала, Қырҭтәыла европатәи аҧеиҧши, атәыла аҭоурыхтә хырхарҭеи мап ацәыркит. Ари ашьаҿа Қырҭтәыла Аконституциа иашьашәалам, ҳтәыла ахьыҧшымреи асуверинитети иаҧырхагоуп. Ари аӡбара Қырҭтәыла ачарҳәароуп. Қырҭтәыла ауааҧсыра уи рҽанраалар ҟалом.
Хара имгакәа ауаажәларри атәылауаҩратә сектори ахаҭарнакцәа еизаны, амилаҭтә ҳәатәхамҵара хықәкыс иқәдыргылоит ҳәа сгәы иаанагоит», — иҳәеит Амаҕлобели.