Рамадан-баирам инамаданы, Қырҭтәыла амуфти Адам Шанҭадзе Баҭым аџьаама хадаҿы аныҳәатә ныҳәара мҩаҧигеит
Рамадан-баирам инамаданы, Қырҭтәыла амуфти Адам Шанҭадзе Баҭым аџьаама хадаҿы аныҳәатә ныҳәара мҩаҧигеит

Мызкы инагӡоз   ачгара хьанҭа ашьҭахь, иахьа ақырҭуа аҧсылманцәа  Рамадан-баирам азгәарҭоит.

Қырҭтәыла амуфти Адам Шанҭадзе Баҭым аџьаама хадаҿы аныҳәатә ныҳәара мҩаҧигеит.  Адинхаҵаҩцәа рыхәҭак  баирам-намаз мҩаҧыргеит адәахьы, аџьаама иаҧну аҵакырадгьылаҿ.

Аҷара аиҳабыра рнапхгаҩи аиҳабыра алахәылацәеи адинхаҵаҩцәа аныҳәа ду рыдырныҳәалеит.