Рамадан-баирам инамаданы, Қырҭтәыла амуфти Адам Шанҭадзе Баҭым аџьаама хадаҿы аныҳәатә ныҳәара мҩаҧигеит
Мызкы инагӡоз ачгара хьанҭа ашьҭахь, иахьа ақырҭуа аҧсылманцәа Рамадан-баирам азгәарҭоит.
Қырҭтәыла амуфти Адам Шанҭадзе Баҭым аџьаама хадаҿы аныҳәатә ныҳәара мҩаҧигеит. Адинхаҵаҩцәа рыхәҭак баирам-намаз мҩаҧыргеит адәахьы, аџьаама иаҧну аҵакырадгьылаҿ.
Аҷара аиҳабыра рнапхгаҩи аиҳабыра алахәылацәеи адинхаҵаҩцәа аныҳәа ду рыдырныҳәалеит.