Рамадан Баирам инамаданы, Баҭымтәи аџьаама хада аҿы аныҳәатә намаз мҩаҧысит
Рамадан Баирам инамаданы, Баҭымтәи аџьаама хада аҿы аныҳәатә намаз мҩаҧысит

Адунеи зехьынџьара аҧсылманцәа  Рамадан Баирам иазгәарҭоит. Қырҭтәыла амуфҭ Адам Шанҭаӡе баҭымтәи аџьаама хада аҿы аныҳәатә намаз мҩаҧигеит.

Иныҳәоз ауаа ахьырацәаз аҟынтә, аныҳәара адәахьы имҩаҧган, аџьаама агәараҿы.

Аҷара аиҳабыра рнапхгаҩы Ҭорнике Рижваӡе  Орта Джаме аџьаамашҟа днеины, адинхаҵаҩцәа аныҳәа ду рыдиныҳәалеит. Аиҳабыра рнапхгаҩы ицын Аҷара аиҳабыра алахәылацәагьы.