Қырҭтәылеи Фарертәи адгьылбжьахақәеи рматч Актәи аканал аҿы #1TVSPORT
Ашьапылампыл азы Қырҭтәыла амилаҭтә еизга иахьа, Қарҭ, “Динамо аренаҿ” Фарертәи адгьылбжьахақәа рҟны аиҩызаратә матч мҩаԥнагоит. Аматч асааҭ 20:00 рзы иалагоит. Аматч ишиашоу арепортаж абара Актәи аканал аҿы шәылшоит.

Қырҭтәыла аизга: Гьаргь Мамардашвили, Оҭар Какабаӡе, Гурам Кашиа, Оҭар Китеишвили, Гьаргь Ҟочорашвили, Гьаргь Ҵитаишвили, Зурико Давиҭашвили, Гьаргь Чакветаӡе, Гьаргь Миқаутаӡе, Хвича Кварацхелиа.
Қырҭтәылеи Фарертәи адгьылбжьахақәеи рматч аан Қырҭтәыла амилаҭтә еизка каԥданс дҟалоит амбахьчаҩ Гьаргь Лориа. Ари аматч ала еицырдыруа ашьапылампыласҩы икариера ихиркәшоит. 39 шықәсазхыҵуа Гьаргь Лориа аизгаҿ 17 шықәса ирылагӡаны дыхәмаруан. 2008 шықәс инаркны ци 78 матч мҩаԥигахьеит.